Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәыла иҭахеит 17 674-ҩык, Шьамтәыла - 3 377-ҩык
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәыла иҭахеит 17 674-ҩык, Шьамтәыла - 3 377-ҩык

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәылеи Сириеи иҭахеит 21 000-ҩык иреиҳаны, Ҭырқәтәыла иҭахеит 17 674-ҩык, Шьамтәыла – 3 377-ҩык.

Адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәыла ахәрақәа роуит 72879-ҩык, Шьамтәыла – 3 нызқҩык рҟынӡа.

Аҩтәылак рҿы аиқәырхаратә усурақәа нагӡоит. Еилаҳазы ахыбрақәа рҟынтә зыԥсы ҭоу ауаа реиқәырхара ашансқәа иҟам, аха Караманмарас аҟны аиқәырхаҩцәа 96 сааҭ рышьҭахь 26 шықәса зхыҵуа ахаҵа иеиқәырхара рылшеит.