Аҵысра «Иаку анеитралтә Қырҭтәыла» аполитикатә аидҵарас ишьақәгылеит. Иахьа апартиа ашьаҭакратә аизара мҩаҧган.
Аполитхеилак алахәылацәас иалхын Леван Николеишвилии Биӡина Гиоргобиании. Анагӡаратә маӡаныҟәгаҩс далырхит Вахтанг Шьақаришвили.
Апартиа алидерцәа рҳәамҭала, «Иаку анеитралтә Қырҭтәыла» хықәкыс иамоуп амилаҭтәи атрадициатәи принципқәа рыхьчареи, жәларбжьаратәи азхаҵара змоу, еснагьтәи анеитралитет змоу аҳәынҭқарра астатус аиуреи ахьчареи, егьырҭ атәылақәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рҟны аусеицура аиқәыршәареи, атәыла ахьыҧшымра арҕәҕәареи, аекономикатәи, акультуратәи, асоциалтәи аҿиареи, Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылареи.
Апартиа алидер Биӡина Гиоргобиани иҳәамҭала, апартиа 2028 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа ирылахәызаауеит.