„Иаку анеитралтә Қырҭтәыла“ – Иҳадырцало имцырку анаративқәа рнырра аҽацәыхьчара ҳалшароуп, анеитралитет мацароуп ҳтәыла еиқәзырхо
Иҳадырцало имцырку анаративқәа рнырра аҽацәыхьчара ҳалшароуп, анеитралитет мацароуп ҳтәыла еиқәзырхо, уи Европантә ҳаззықәшаҳаҭу адкылареи ҳаззықәшаҳаҭым ақәыӡбареи ауп иаанаго, – иануп ауаажәларратә ҵысра „Иаку анеитралтә Қырҭтәыла“ аҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭа ишану ала, ақырҭуа жәлар лабҿаба ирбоит Қырҭтәыла ииашамкәа ишазныҟәо.
„Иаку анеитралтә Қырҭтәыла“ ашьаҭакра анеҩс, раҧхьатәи ашәҟәы аҟны ҳҵысра ахықәкқәеи апланқәеи инарҭбааны ҳрылацәажәеит. Аҧыжәара змоу ахықәкқәа иреиуп ажәлар аиаша раҳәареи, имцырку анаративқәа рырбгареи. Евроеидгыла алалара мацароуп ҳтәыла еиқәзырхо ҳәа ажәлар рхаҿы иаанхаз агәаанагара аҧыхра мариам. Абри апропаганда аҿагыларазы, ажәлар рыгәҭа альтернативтә агәаанагара иаша аларҵәатәуп.
Евроеидгыла ҳтәыла ишазныҟәо убарҭахеит Украинеи Молдовеи акандидат астатус рыҭаны, Қырҭтәыла ииашамкәа мап анацәырк. Еврокомиссиа ицәырнагаз атехникатә документаҿ Қырҭтәыла актәи аҭыҧаҿ игылан, ахырхарҭақәа зегьы рыла Украинеи Молдовеи иреиҕьын. Анеҩс, ҳтәыла аполитикатә ахәшьара аҭаны, аҵыхәтәантәи аҭыҧаҿ идыргылеит. Абри зегьы ашьҭахь, Қырҭтәыла аиҳабыра иҟарҵаз ашьаҿа ииашақәа Евроеидгыла анапхгара ирыдарцалеит Қырҭтәыла акандидат астатус анаршьарц.
Аха, иахьагьы, Евроеидгыла анапхгара, аиҿцәажәарақәа раартра азҵаарала ашантаж ҟарҵоит. Мчыбжьқәак раҧхьа Украинеи Молдовеи аиҿцәажәарақәа рзаадыртит, Қырҭтәыла, ахырхарҭақәа зегьы рыла аҧхьагылара шамоугьы, еиҭах мап ацәыркит.
Ақырҭуа жәлар лабҿаба ирбоит Қырҭтәыла ииашамкәа ишазныҟәо. Араҟа азҵаара цәырҵуеит, ҳтәыла абас изызныҟәои. Рыцҳарас иҟалаз, Қырҭтәыла анапхгара ажәлар аиаша рызраҳәом. Ҳара абарҭ атемақәа рылацәажәароуп хықәкыс иҳамоу. Араҟа ахадаратә ҵакы змоу 3 постулатк иҟоуп – Евроеидгыла алахылас шәҟалар шәҭахызар, асуверинитет шәымамзароуп, ЛГБТ апропаганда шәадгылароуп, Евроеидгыла аимиграциатә политика шәақәныҟәароуп, ҽакала иаҳҳәозар, изакәызаалак ахьчаратә механизмк ада, жәанызқьҩыла амигрантцәа шәыдышәкылароуп. Абарҭ 3 темак рылацәажәара ҳгәы иҭоуп.
Ҳара иҳадырцало имцырку анаративқәа рнырра аҽацәыхьчара ҳалшароуп, анеитралитет мацароуп ҳтәыла еиқәзырхо, уи Европантә ҳаззықәшаҳаҭу адкылареи ҳаззықәшаҳаҭым ақәыӡбареи ауп иаанаго, – иануп ауаажәларратә ҵысра „Иаку анеитралтә Қырҭтәыла“ аҳәамҭаҿы.