Абҵара 21 рзы Ателехәаҧшра адунеизегьтәи амш азгәарҭоит
Абҵара 21 рзы Ателехәаҧшра адунеизегьтәи амш азгәарҭоит

Абҵара 21 рзы Ателехәаҧшра адунеизегьтәи амш азгәарҭоит. ЕАР есышықәсатәи аинициатива инақәыршәаны, убри аҽны, ауаа рыҧсҭазаараҿы ателехәаҧшра иамоу амч азгәаҭаразы, адунеи ателеканалқәа зегьы  30 секунд инагӡо авидеоҭыхымҭа иоурыжьҭуеит.

Ателехәаҧшра адунеизегьтәи амш азгәаҭара иалагеит   26 шықәса раҧхьа.

1996 шықәсазы, Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаара,  ари аиҿкаара иалоу аҳәынҭқаррақәа зегьы рахь ааҧхьара ҟанаҵеит Ателехәаҧшра адунеизегьтәи амш азгәаҭара иалагарц. Ари амш азгәаҭаразы иалхын абҵара 21  – Раҧхьатәи Адунеизегьтәи ателееилахәыратә форум амҩаҧгара амш.