Абаҩлаша атрансплантациа иахылҵыз ауадаҩра хьанҭа, GVHD реакциа ахәышәтәразы, аҳәынҭқарра, зыхә дуу ахәшә „Џьакави“ аҧара азоунашьҭуеит

12:33, 02.07.2026

Зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчара аҳәынҭқарратә программа иаҳа иҭбаахеит  – абаҩлаша атрансплантациа иахылҵыз ауадаҩра хьанҭа, GVHD реакциа ахәышәтәразы, аҳәынҭқарра, зыхә дуу ахәшә  „Џьакави“ аҧара азоунашьҭуеит.

„Қырҭтәыла атәылауаа, атәыла аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы абаҩлаша атрансплантациа аоперациазы аҳәынҭықаррантә аҧара роуеит. Аха, ари аоперациа ашьҭахь апациентцәа рыхәҭак ареакциа  GVHD роуеит. Абри аҩыза апациентцәа хымҧада ҳаамҭазтәи апрепаратқәа рыла аҽыхәшәтәра алшара рымазароуп“, – иануп аминистрра аинформациаҿы.

Аминистрра адыррақәа рыла, аҳәынҭқарра иаанахәаз амедикамент  „Џьакави“ уажәшьҭарнахыс рхы иадырхәар рылшоит зыӡбахәы ҳәоу адиагноз змоу апациентцәа зегьы.

 

Еиԥшу