Аԥсабаразы амилаҭтә агентра Ашықәс ҿыц азы амш зеиԥшрахо аинформациа аланарҵәоит.
Аԥсабаразы амилаҭтә агентра Ашықәс ҿыц азы амш зеиԥшрахо аинформациа аланарҵәоит.

Аԥсабаразы амилаҭтә агентра Ашықәс ҿыц азы амш зеиԥшрахо аинформациа аланарҵәоит.

Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала,  ԥхынҷкәын 31-и ажьырныҳәа 1-и рзы Қырҭтәыла регионқәак рҿы асы леиуеит, ажьырныҳәа 2 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом.

Қарҭ аҳауатә лышәшәақәа ҟалом. Аҳауа аԥхарра ҽынла +6, +8  градус иаҟарахоит.

Амшын Еиқәа араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ԥуҭ): ԥхынҷкәын 31-и ажьырныҳәа 1-и рзы ақәа леиуеит, ажьырныҳәа 2 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом. Аҳауа аԥхарра ҽынла +12, +14  градус иаҟарахоит.

Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиӷнаӷи, Лагодехи, Ҟварели, Ахмета, Дедоԥлисҵҟаро) аҳауатә лышәшәақәа ҟалом. Аҳауа аԥхарра ҽынла  +10, +12 градус иаҟарахоит.

Мрагыларатә Қырҭтәыла ашьхараҿ (Ахалқалақи, Ҵалка, Бакуриани, Гудаури, Омало): ажьырныҳәа 2-нӡа асы леиуеит, ажьырныҳәа 2 рышьҭахь аҳауатә лышәшәақәа ҟалом. Аҳауа аԥхарра ҽынла 0, +5 градус иаҟарахоит.