Қырҭтәылa аҧсабарахьчареи aқыҭaнхaмҩеи рминистрра иаҵанакуа Аԥсабаразы амилаҭтә агентра ԥхынгәы 20-30 рзы имҩаҧнагаз аҭҵаарақәа рылҵшәақәа инрықәыршәаны, Амшын Еиқәа аӡы анорма аҳәаақәа ирыҵанакәеит, – аарыцҳаит Аԥсабаразы амилаҭтә агентра аҟынтә.
Агентра аинформациа ала, ишьақәгылоу ахимиатә параметрқәа, урҭ иреиуп 13 ихьанҭоу аметаллқәа, 16 полиароматтә маҭәашьар, уҳәа уб.егь. афизикатәи ахимиатәи параметрқәа рконцентрациа.
“Ишыжәдыруа ала, Аҧсабаразы амилаҭтә агентра Амшын Еиқәа аӡы ахаҭабзиара амониторинг жәамш рахь знык жәстанциак рҿы мҩаԥгахоит, ԥхынгәы 10 рышьҭахь астанциақәа рхыԥҳьаӡара иазҳаит, Анаклиа-Ганмухури аҵакырадгьылаҿы хҭыԥк ирыцлеит. Амшын еиқәа аӡы ахаҭабзиара амониторинг жәамш рахь знык жәстанциак рҿы мҩаԥгахоит, аҭҵаарақәа рхыркәшара ашьҭахь ауааԥсыра алҵшәақәа ирызку адыррақәа роуеит. Амшын еиқәа аӡы 59- апараметрқәа рыла гәаҳҭоит. Алабораториатә ҭҵаарақәа инрықәыршәаны, афизик-химиатә параметрқәа, абиогентә елементқәа уҳәа егьрҭ арбагақәа рыла, Амшын еиқәа аӡы ахаҭабзиара арбага анорма аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟоуп”, – иануп аҳәамҭа аҿы.