Аԥыза-министр иӡбарала, ажьырныҳәа 1 инаркны 5-нӡа администартивтә усҳәарҭақәа рҿы аҧсшьарамшқәа рылаҳәоуп
Аԥыза-министр иӡбарала, ажьырныҳәа 1 инаркны 5-нӡа администартивтә усҳәарҭақәа рҿы аҧсшьарамшқәа рылаҳәоуп

Аԥыза-министр иӡбарала,2024 ажьырныҳәа 3 инаркны 5-нӡа администартивтә усҳәарҭақәа рҿы аҧсшьарамшқәа рылаҳәоуп, – аӡбара рыдыркылеит иахьа имҩаԥгаз аиҳабыра реилатәара аҿы.

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иашьашәалоу адҵа инапы аҵаиҩхьеит.

Ашьақәыргылараҿ ишану ала, административтә орган иқәаақәнаҵоит иара иаҵанакәа, иара убас, асистема иалахәы амаҵзурақәеи урҭ русзуҩцәеи, дара ари адҵа рыдкьыслом, дара русура аҳәынҭқарра анапхгараҭареи ауаажәларра анормалтә ҧсҭазаашьа аиқәыршәареи азы ихымҧадазар. Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахылаҧшра аҵаҟа иҟоу ахаҿқәа рҿаҧхьа иҟоу афинанстә ҧхықәрақәа ари адҵа рыдкьыслом.

Иара убас, «Аҳәынҭқарратә аахәарақәа ирызку» Қырҭтәыла азакәан ала иазҧхьагәаҭоу аҳәынҭқарратә аахәарақәа ирыдҳәалоу аусурагьы ари адҵа адкьыслом.