Аҭагылазаашьа ҷыдаа рмаҵзура - Уажәазы, Борџьоми, аиланхарҭақәа рахь амра аиасра ашәарҭа иҟам
Аҭагылазаашьа ҷыдаа рмаҵзура - Уажәазы, Борџьоми, аиланхарҭақәа рахь амра аиасра ашәарҭа иҟам

Уажәазы, Борџьоми, аиланхарҭақәа рахь амра аиасра ашәарҭа иҟам. Ари атәы аарыцҳаит Аҭагылазаашьа ҷыдаа рмаҵзура аҟнытә.

Аусҳәарҭа аинформаци ала, шьыжь инаркны амцарцәаратә аоперациа еиҭах иалахәуп агьежьԥрыгақәа. Аҭыԥ аҿы амобилизациа рзууп амцарцәара-амқәархаратә техника ҷыда.

“Амца арцәара иааҟәымқӡакуа ҳаҿуп. Ари апроцесс иалахәуп Аҭагылазаашьа ҷыдаа рмаҵзура 300-ҩык аусуҩцәа, шьыжь инаркны амцарцәаратә аоперациа еиҭах иалахәуп агьежьԥрыгақәа. Борџьоми, аиланхарҭақәа рахь амра аиасра ашәарҭа иҟам.Борџьоми амуниципалитет аҿы амца арцәаратә усурақәа ирылахәып Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа, арратә маҵзуҩцәа, Аҩнуқҟатәи аусқәа рминисрра еиуеиԥшым агәыԥқәа рхаҭаранкцәе, аҭыԥантәи амуниципалитет ахаҭарнакцәеи”, – иануп аинформациа аҿы.