88 шықәса зхыҵуаз Даҭа Ванишвили ампыҵахалатә цәаҳәа нхыҵ иҟоу Хурвалеҭи ақыҭаҿ дыҧсит
88 шықәса зхыҵуаз Даҭа Ванишвили ампыҵахалатә цәаҳәа нхыҵ иҟоу Хурвалеҭи ақыҭаҿ дыҧсит

88 шықәса зхыҵуаз Даҭа Ванишвили ампыҵахалатә цәаҳәа нхыҵ иҟоу Хурвалеҭи ақыҭаҿ дыҧсит.  Иуацәа ари аинформациа шьақәдырҕәҕәеит.

2011 шықәсазы ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа Ванишвили иҩны авара аҭел еиҵырхын, иара иҩны ампыҵахалатә цәаҳәа нхыҵ иаанхеит.

Адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа  Хурвалеҭи ианнеиуаз, ампыҵахалатә цәаҳәаҿы лассы-лассы Даҭа Ванишвили иацәажәон, аха урҭ еснагь аихатә ҭел рыбжьан.