Ахада лыԥшьгарала, Даҭа Ванишвили иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь «Атылауаҩратә ахамеигӡаратә» орден ианашьан
Ахада лыԥшьгарала, Даҭа Ванишвили иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь «Атылауаҩратә ахамеигӡаратә» орден ианашьан

Ахада лыԥшьгарала, Даҭа Ванишвили иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь «Атылауаҩратә ахамеигӡаразы» аорден ианашьан, – ари атәы аарыцҳаит Орбелианиаа рхан акоммуникцациақәа рмаҵзура аҵысра «Ажәлар рзы» алидер Анна Долиӡе иҟалҵаз аҳәамҭа иаҭакны.

«Даҭа Ванишвили иԥсҭазаара даналҵ, ахада ладминистрациа ахаҭарнакцәа аорден  ианашьара азҵаара азхәыҵра иаразнак иалагеит. Ахада лыԥшьгарала, Даҭа Ванишвили иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь «Атылауаҩратә ахамеигӡаразы» аорден ианашьан. Аорден анашьара ацеремониа мшаԥы 9 рзы, Орбелианиаа рха аҟны мҩаԥгахоит,» – иануп Орбелианиаа рхан акоммуникцациақәа рмаҵзура аҳәамҭа аҿы.

Даҭа Ванишвили 88 шықәса дшырҭагылаз хәажәкыра 19 рзы иԥсҭазаара далҵит.  Уи импыҵахало аҵакырадгьыл аҿы иҟоу анышәынҭраҿ хәажәкыра 22 рзы анышә дарҭеит. Даҭа Ванишвили Хурвалеҭи ақыҭаҿ, ампыҵахалатә цәаҳәа нхыҵ дынхон.