60 ихҵәоу аҭаацәарақәа Қәҭешь, акорпус ҿыц аҿы ауадақәа роуит. Ауаа ауадақәа рцыҧхақәа рырҭеит арегион аҿы аҳәынҭқарра ахаҭарнак Звиад Шаламбериӡеи Ахҵәацәа русқәа рзы агентра адиректор Бесарион Симонишвилии.
Агентра адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи ашықәс азы арегион аҿы иаркын ахҵәацәа ахьынхоз, иҽеимыз 28 аобиектқәа. Аҵыхәтәантәи аа-шықәса рыла, еиуеиҧшым апрограммақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, 23 000 ихҵәоу аҭаацәарақәа анхарҭақәа роуит. 2021 шықәсазы иҵегьы 3500 ҭаацәара ауадақәа рырҭоит.