230 ихҵәоу аҭаацәарақәа рхатә нхарҭақәа роуит
230 ихҵәоу аҭаацәарақәа рхатә нхарҭақәа роуит

Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбара ала, даҽа  230 ихҵәоу аҭаацәарақәа атәыла зехьынџьара рхатә нхарҭақәа роуит.

Ахҵәацәа русқәеи, аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә аиқәыршәареи рзы аминистрра аинформациа ала, зыӡбахәы ҳәоу аҭаацәарақәа кыршықәса рыҩнуҵҟа аҳәынҭқарратә хыбрақәа ирыҩнан, рхатә нхарҭақәа рымамызт. Алегализациа апроцесс аҳәаақәа ирҭагӡаны, уажәшьҭа арҭ ауаа дара изыҩноу анхарҭақәа ишырҭаху рхы иадырхәар рылшоит.

Аминистрра адыррақәа рыла, аҵыхәәтантәи ҩышықәса рыла,  800 иреиҳаны ихҵәоу аҭаацәарақәа, дара изыҩноу анхарҭақәа закәанла ирзышьақәырҕәҕәоуп, абри апроцесс ҳаҧхьаҟагьы инагӡахоит.