«2013 шықәсанӡа иҭыжьу амашьынқәа Қырҭтәылаҟа римпорт иҧкызаауеит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы.
«Ҳара атәылаҿы амашьынақәа рзы «Евро-5″ астандарт аларҵәара ҳаӡбеит. Уи инақәыршәаны, 2013 шықәсанӡа иҭыжьу амашьынқәа Қырҭтәылаҟа римпорт иҧкызаауеит. Амашьына ласқәа рзы ари арегулиациа амч аиуеит 2024 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны, автобусқәеи аидаратә машьынақәеи рзы — 2025 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны. Ари азҵаара макьана ҳалацәажәоит», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.
Иара иажәақәа рыла, иарбоу арыцхәқәа индыркны, атәылаҿы «Евро-5» астандарт иашьашәалам амашьынақәа ашәҟәы рҭаҩра ҟалом.
«Ҳәарада, ари аӡбара атәылашҟа иааргахьоу амашьынақәа ирыдкьыслом, арегулиациа ҿыц рыдкьыслоит ареекспорти атранзити амзызла атәылашҟа иаарго амашьынақәа», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.