Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Израиль ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диҧылеит
Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиани Израиль ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Валид Абу-Ҳаиа диҧылеит. Аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Израили реизыҟазаашьақәеи рпартниорреи рырҭбаара аперспективақәа ирылацәажәеит.
Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Израили рыбжьара иҟоу ашәышықәсарацәалатә еизыҟазаашьақәеи аиҩызара ҷыдеи. Аганқәа рхаҭарнакцәа еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы атәылақәа русеицуреи аекономикатә усхкы аҿы иҟоу апотенциали ирылацәажәеит. Леван Жоржолиани Израиль ацҳаражәҳәаҩ амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идныҳәаланы, ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.