Ауаажәларратә дырраҭара агәҭынчымра аанарԥшуеит еиуеиԥшым аганқәа рҟынтәи Актәи аканал системала ақәылара, аредакциатә хьыԥшымра аҽалагалара, атәылаҿы иҟоу аҭагылазаашьа хьанҭа афон аҿы ихьыԥшым ажурналисттә усзура аԥырхагахара аҽазышәарақәа ирызкны.
Ауаажәларратә дырраҭара аусзура азакәан инақәыршәаны амоу аҭакԥхықәрақәа ирышьашәаланы, ажурналисттә етика анормақәа ирықәныҟәаны, обиективла, агәаартреи, аиашареи, еилых аҟамҵареи рпринципқәа хшыҩзышьҭра рыҭаны, ауаажәларра зегьы рымаҵ ауеит, ари OSCE/ODIHR аилкаақәагьы шьақәдырӷәӷәоит.
Қырҭтәыла ԥыхьатәи ахада Саломе Зурабишвили агрессиа ҷыда аалырԥшуеит Ауаажәларратә дырраҭара аганахьала, аканал адискредитациа азы гәҭакыла адезинформациа алалырҵәоит.
Аполитикцәа абри еиԥш ажәыларақәа анымҩаԥырго, ари ауаажәларратә гәыԥқәак рхаҭаракцәа аихқәа русура аҽалагалара, А уаажәларратә дырраҭараажурналистцәа рбуллинг азы астимул рнҭоит.
Аганқәа рахь ааԥхьара ҟаҳҵит, ҷыдала аполитикцәа ҳрыҳәоит, апрофессионализм хьчаны, ари ицәгьоу аамҭақәа раан, рзанааҭтә стандартқәа рықәныҟәарц.
Ажьырныҳәа 13 инаркны Ауаажәларратә дырраҭара праим-таим аефир еиҭалагоит, ҳефир аҿы аганқәа зегьы рхатә гәаанагарақәеи рпозициақәеи аргама аарԥшра лшара роуеит.