Берлин Украина аиҭашьақәыргылара иадҳәалоу Аконференциа мҩаԥысуеит
Берлин Украина аиҭашьақәыргылара иадҳәалоу Аконференциа мҩаԥысуеит

Германтәыла аҳҭнықалақт Берлин Украина аиҭашьақәыргылара иадҳәалоу Аконференциа мҩаԥысуеит. Аконференциа иалагаанӡа тәылақәак рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа аҳәамҭақәа ҟарҵеит.

Хорватиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Гордон Грлич-Радман иҟаиҵаз аҳәаммҭала, Хорватиа Украина ацхыраара иахьанӡаҭаххоа аҭара адгылоит.

Чехиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр иан Липавски ишазгәеиҭаз ала, Чехиа Украина атерриториатә акзаареи асуверенитети рыдгылоит. Аминистр иажәақәа рыла, Украина ахыхьчара алшароуп.

Аконференциа иалагаанӡа аихқәа рзы алкаақәа ҟалҵеит Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Анналена Бербок.

Бербок лажәақәа рыла, иахьатәи амш Украиназы мацара акәым, адунеи зегьы азы аҵак ҷыда амоуп, Украина аиҭашьақәыргыларатә конференциа ала иубарҭоуп Урыстәыла аҭархара амчқәа еидкыланы шрылшо.

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе адунеи алидерцәа рыгәҭа, рашәара 11-12 рзы Берлин имҩаԥысуа Украина аиҭашьақәыргылара иадҳәалоу Аконференциа (URC2024) ихы алаирхәоит. Аҧыза-министр анапхгара ззиуа Қырҭтәыла аделегациа иалоуп Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании.