Урыстәылатәи арбџьармчқәа Запорожие ақалақь аракетақәа аларыжьит
Урыстәылатәи арбџьармчқәа Запорожие ақалақь аракетақәа аларыжьит

Урыстәылатәи арбџьармчқәа Запорожие ақалақь аракетақәа аларыжьит.  17ҩык еиҵамкәа иҭахеит, 49ҩык ахәрақәа роуит.

Аҭыҧантәи анапхгара ринформациа инақәыршәаны, иаха, ашырҧаз, ақалақь иаларыжьит 12 ракетақәа, урҭ реиҳара аихагыла рацәа змоу анхарҭатә корпусқәа ирықәшәеит.

Украина ахада иҳәамҭала, урыстәылатәи арбџьармчқәа рыла анхарҭатә корпусқәа рылахысра атеррористтә актуп.

Украина Аштаб хада адыррала, аҵыхәтәантәи ҩымш рыҩныҵҟа ампыҵахалаҩцәа Украина аҵакырадгьыл абомбақәа алажьра нарыгӡоит.