Анри Оханашвили - асессиа ааҧхьара аҭаххар, ҳара ҳаҧхьа уи аӡәгьы изыҟаҵом,  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа ашоу рхы аладырхәом
Анри Оханашвили - асессиа ааҧхьара аҭаххар, ҳара ҳаҧхьа уи аӡәгьы изыҟаҵом,  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа ашоу рхы аладырхәом

Қырҭтәыла апарламент аиуристтә зҵаарақәа рзы акомитет ахантәаҩы Анри Оханашвили игәаанагарала, апарламент изаамҭаным асессиа ааҧхьара изакәызаалак логикак аҵам, 12 пунктқәа рыла ишьақәгылоу аплан  иамарам.

Анри Оханашвили иажәақәа рыла, «Ақырҭуа гәахәтәы» апарламент изаамҭаным асессиа иалахәхәом.

«Аполитикатә ахәшьара ҟаҵоуп, ҳара 12 пунктқәа ҳамоуп, урҭ нагӡатәуп.  12 пунктқәа ирыдҳәаланы асессиа ааҧхьара аҭаххар, ҳара ҳаҧхьа уи аӡәгьы изыҟаҵом. Ҳәарада,   «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа ашоу рхы аладырхәом. 12 пунктқәа рзы аусура наҳагӡоит. Иааиуа амчыбжь азы,  аоппозициаа, иашьашәалоу аформатаҿы,  антиолигархиатә зҵаарақәа ирыхәаҧшып ҳәа ҳгәыҕуеит», — иҳәеит  Анри Оханашвили.