Иацы, авакцинациа ашьҭахь зҭагылазаашьа цәгьахаз 27 шықәса зхыҵуаз амедаиаҳәшьа дыҧсит.
Актәи ауниверситеттә клиникаҿы ари аинформациа шьақәдырҕәҕәеит.
Ахалцихе иҟоу аклиникаҿы 27 шықәса зхыҵуа амедаиаҳәшьа иацы авакцина Astrazeneca алаҵара лзыҟарҵан, аваргылатә реакциа — анафилактикатә шок лыхьит. Иаха лара Қарҭтәи Актәи ауниверситеттә клиникашҟа дииаргеит.