Гоча Лордқиҧаниӡе - Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит Страсбургтәи аӡбара ақәҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳтәылауаа рзинқәа реиҭашьақәыргыларазы
Страсбургтәи аӡбара ақәҵара инақәыршәаны, акомпенсациа анагӡаразы апроцедура ҳәаақәҵоуп, аганқәа рпозициақәа реиҭныҧсахларазы шықәсык аҿҳәара рымоуп, убри анеҩс, аӡбара ақәҵара ҿыц адкыланы, уи анагӡара апроцедурашҟа ииасроуп, — иҳәеит аиустициа аминистр Гоча Лордқиҧаниӡе.
Иара иажәақаәа рыла, ақырҭа аган ирылшо зегьы ҟарҵоит Страсбургтәи аӡбара ақәҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳтәылауаа рзинқәа реиҭашьақәыргыларазы .
«Ажьырныҳәа 21 рзы Страсбургтәи аӡбара ирыдыркылаз ақәҵара иадҳәаланы исҳәар сҭахуп, ҳара апроцесс алагамҭаҿы ҳаҟоуп, избанзар аӡбара ақәҵара инақәыршәаны акомпенсациа анагӡаразы апроцедура ҳәаақәҵоуп, аганқәа рпозициақәа реиҭныҧсахларазы шықәсык аҿҳәара рымоуп, убри анеҩс, аӡбара ақәҵара ҿыц адкыланы, уи анагӡара апроцедурашҟа ииасроуп.
Иахьынӡанарыгӡо — уи даҽа зҵаарак ауп. Жәларбжьаратәи аимакқәа рҿы атәыла иахаҭарнаку Аиустициа аминистрра ари ахырхарҭалагьы аусура иалагахьеит. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит Страсбургтәи аӡбара ақәҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла атәылауаа рзинқәа реиҭашьақәыргыларазы», — иҳәеит Гоча Лордқиҧаниӡе.