13-тәи ашьаҟатә баталион арота «Браво» адәахьтәы азыҟаҵарақәа хыркәшоуп.
Атәылахьчара аминистрра аинформациа инақәыршәаны, арота хаҭалатәи аилазаара азыҟаҵарақәа мҩаҧган аполигон «Орфоло» аҿы.
«Азыҟаҵарақәа ахыркәшаратә хәҭа рхы аладырхәит Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа ркомандаҟаҵаҩы ихаҭыҧуаҩ, абригадатә аинрал Џьони Ҭаҭунашвилии Мрагыларатә аҧызара абригадатә аинрал Роланд Ӡнелаӡеи. Дара азыҟаҵарақәа ирызку аинформациа иазыӡырҩит абрифинг ҷыдаҿы», — иануп Атәылахьчара аминистрра адырраҿы.