NDI аҭҵаара инақәыршәаны, Гьаргь Гахариа иусура ахәшьара бзиа арҭоит 46% атҵаара иалахәыз ауааԥсыра
NDI аҭҵаара инақәыршәаны, Гьаргь Гахариа иусура ахәшьара бзиа арҭоит 46% атҵаара иалахәыз ауааԥсыра

NDI аҭҵаара инақәыршәаны, аҭҵаара иалахәыз ауааԥсыра рҟынтә 46% Қырҭтәыла Аԥыза-министр Гьаргь Гахариа иусура ахәшьара бзиа арҭоит, 32% – егьыурым ҳәа рыԥхьаӡоит, 17% Гьаргь Гахариа иусура ахәшьара цәгьа арҭоит.

Аинститутқәа рҟынтә аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит Ацентртә алхратә комиссиа, аҭҵаара иалахәыз ауааԥсыра рҟынтә 24% акомиссиа аусура ахәшьара бзиа арҭоит, 27% – егьыурым ҳәа рыԥхьаӡоит, 31% – аусзура ахәшьара цәгьа арҭоит.

Аҭҵаара иалахәыз ауааԥсыра рҟынтә 15% апарламент аусзура ахәшьара бзиа арҭоит, 34% – егьыурым ҳәа рыԥхьаӡоит, 35% – аусзура ахәшьара цәгьа арҭоит.

Аҭҵаара иалахәыз ауааԥсыра рҟынтә 14% Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили лусзура ахәшьара бзиа арҭоит, 34% – егьыурым ҳәа рыԥхьаӡоит, 35% – аусзура ахәшьара цәгьа арҭоит.

NDI аинформациа инақәыршәаны, аҭҵaaрa ҭелла мҩaҧгaн  2020 шықәса ҧхынҷкәын 17-24 рзы Қырҭтәылa иахьаҵанакуа (импыҵaхaлоу aҵaкырaдгьылқәa рыдa aтәылaҽaцәқәa зегьы рҟны, aҭҵaaрa рхы aлaдырхәит  2 053-ҩык. NDI aҭҵaaрaқәa Бритaниa ду aиҳaбырa UKaid aфинaнстә цхырaaрa aлa имҩaҧысуеит. Аҭҵaaрa мҩaҧнaгит СRRС Қырҭтәылa.