88 бжь рыла 11-тәи ааԥхьара апарламент 150-ҩык адепутатцәа рзинмчы азханаҵеит.
Азин азхаҵаранӡа, арегламент инақәыршәаны, Алхратә комиссиа хада (АКХ) ахантәаҩы Гьаргь Каландаришвили апарламент алхрақәа рылҵшәақәа рыдигылаеит. Аамҭалатәи амандаттә комиссиа апарламент рзинмчы азхаҵаразы иаҭахыз адокументацәа цәырнагеит. Апроцедура инақәыршәаны, акомиссиақәа ахантәаҩцәеи амаӡаныҟәгаҩцәеи алырхит.
Алхратә комиссиа хада (АКХ) аофициалтә алҵшәақәа рыла, апарламент иалалеит алхратә хәсубиектк.
Алхратә комиссиа хада (АКХ) аофициалтә лҵшәақәа рыла, 2024 шықәса жьҭаара 26 рзы имҩаԥгаз апарламенттә алхрақәа рҿы иалхыз жәеизатәи ааԥхьара апарламент аҿы „Ақырҭуа гәахәтәы“ амандатқәа 89 аиуит, „Аиҭакразы акаолициа Гварамиа, Мелиа, Гирчи, Дроа“-19; „Акзаара – Амилаҭтә ҵысра“ – 16; „Қырҭтәыла ҕәҕәа – Лело“ – 14; „Гахариа Қырҭтәылазы“ – 12.
11-тәи ааԥхьара апарламент актәи аилатәара дахагылоит кәрала еиҳабу адепутат Ладо Кахаӡе.