Ԥхынгәы 9-11 рзы раионқәак рҿы аамҭ-аамҭала ақәеи акырцхи леир ҟалап, аҳауа аԥхарра +36 градус иаҟарахоит
Ԥхынгәы 9-11 рзы раионқәак рҿы аамҭ-аамҭала ақәеи акырцхи леир ҟалап, аҳауа аԥхарра +36 градус иаҟарахоит

Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, ԥхынгәы 9-11 рзы Қырҭтәыла раионқәак рҿы аамҭа-амҭала ақәеи акырцхи леир ҟалап, аҳауа аԥхарра +36 градус иаҟарахоит.

Қарҭ амҭа-аамҭала ақәа леир ҟалап. Аҳауа аԥхарра ҽынла  +32,+36 градус иаҟарахоит.

Амшын Еиқәа араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ԥуҭ):  аҳауатә лышәшәақәа ҟалом. Аҳауа аԥхарра ҽынла  +32, +35 градус иаҟарахоит.

Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиӷнаӷи, Лагодехи, Ҟварели, Ахмета, Дедоԥлисҵҟаро)  аамҭа-амҭала ақәеи акырцхи леир ҟалап.  Аҳауа аԥхарра ҽынла  +32,+34 градус иаҟарахоит.

Мрагыларатә Қырҭтәыла ашьхараҿ (Ахалқалақи, Ҵалка, Бакуриани, Гудаури, Омало): аамҭа-аамҭала ақәа леир ҟалап. Аҳауа аԥхарра ҽынла  +21, +23 градус иаҟарахоит.