Ԥаравантәи аҩхааҿ автотранспорт сахьақәак изныҟәом
Ԥаравантәи аҩхааҿ автотранспорт сахьақәак изныҟәом

Қырҭтәыла Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра иаҵнакуа Автомобилтә мҩақәа рдепартамент аинформациа ала, Ԥаравантәи аҩхааҿ автотранспорт сахьақәак изныҟәом.

“Аметеорологиатә ҭагылазаашьа цәгьа амшала, аҩныҵҟаҳәынҭқарратә ҵакы змоу Кода-Ԥарцхиси-Манглиси-Ҵалка-Ниноҵминда амҩа км94-км147 (Ԥаравантәи аҩхаа-Ниноҵминда) ахҵәахақәа рҿы ацраҳәагақәа змоу автотранспорти 30-ҩык еиҳаны зиагара зылшо автобусқәеи изныҟәом.Автомобилтә амҩа егьырҭ ахцәахақәа аартуп”, – аарыцҳаит Қырҭтәыла Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра иаҵнакуа Автомобилтә мҩақәа рдепартамент аҟынтә.