Ԥаравантәи аҩхааҿ ацраҳәагақәа змоу автотранспорт аиҭаҵра еиҭашьақәгылоуп
Ԥаравантәи аҩхааҿ ацраҳәагақәа змоу автотранспорт аиҭаҵра еиҭашьақәгылоуп

Ԥаравантәи аҩхааҿ ацраҳәагақәа змоу автотранспорт аиҭаҵра еиҭашьақәгылоуп, – аарыцҳаит Қырҭтәыла Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра иаҵнакуа Автомобилтә мҩақәа рдепартамент аҟынтә.

“Имҩаԥгаз арыцқьаратә усурақәа рышьҭахь,  аҩныҵҟаҳәынҭқарратә ҵакы змоу Кода-Ԥарцхиси-Манглиси-Ҵалка-Ниноҵминда амҩа км94-км147 (Ԥаравантәи аҩхаа-Ниноҵминда) ахҵәахақәа рҿы ацраҳәагақәа змоу автотранспорти 30-ҩык еиҳаны зиагара зылшо автобусқәеи реиҭаҵра еиҭашьақәгылоуп”, – иануп аинформациа аҿы.