Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ – Ҭырқәтәыла Қырҭтәыла атерриториатә акзаара иазханаҵоит, импыҵахалоу атерриториақәа афинанстә сервисқәа рыҭара хаангьы иақәшаҳаҭхом
Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ – Ҭырқәтәыла Қырҭтәыла атерриториатә акзаара иазханаҵоит, импыҵахалоу атерриториақәа афинанстә сервисқәа рыҭара хаангьы иақәшаҳаҭхом

 

Қырҭтәыла иҟоу Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ Фатма Джерен Иазган Қырҭтәыла  адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы дыҟан.

Ацҳаражәҳәаҩ аминистррашҟа днеит ҧхынҷкәын 22 рзы импыҵахалоу Аҧсны аларҵәара зауз аинформациа иадҳәаланы. Ари аинформациа инақәыршәаны,  «Ҭырқәтәыла абанк дуқәа Аҧсны амилаҭтә карта  «Апра Ворлд»  аларҵәара аҭаны, аҧышәаратә программа ҳасабала, қәҿиарала аладырҵәеит атерминалқәа  «Ишбанки»  «Зираат Банки».

«Иахьа ҳколлегацәеи Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәеи ҳареи ари азҵаара ҳалацәажәеит. Ари аганахьала аханатәгьы апроблема иҟамызт», —  илҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.

Лара лажәақәа рыла, Ҭырқәтәыла Қырҭтәыла ахьыҧшымреи атерриториатә акзаареи иазханаҵоит, импыҵахалоу атерриториақәа афинанстә сервисқәа рыдгалара иазкны аиқәшаҳаҭра зыҟалом.

«Ииашам, ишьақәырҕәҕәам  аинформациа апроблема шахылҵыз аабоит. Ҳаҧхьаҟа абри аҩыза акгьы ҟамларцаз,  Қырҭтәыла аиҳабыреи ҳареи ҳусеицура иаҳа арҕәҕәаразы ҳаиқәшаҳаҭхеит.  Абанктә картақәеи афинанстә сервисқәеи ирыдҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп,  ари азҵаара иқәгылоуп, уи иалахәып Ҭырқәтәыла ахатә клинетцәа асервисқәа рыдазгало урыстәылатәи акартақәа. Дара Аҟәа иҟоу, аха Ҭырқәтәыла аус ззымуа  афинанстә аиҿкаарақәа рҟны аиқәшаҳаҭра рымазар ауеит.  Убри аҟынтә, зегьы еилкаауп, иахьа ҳара иҟам апроблема ҳалацәажәон», — илҳәеит ацҳаражәҳәаҩ Фатма Джерен Иазган.