Ҭырқәтәыла Арра-амшынтә мчқәа рыҕба Қырҭтәыла атерриториатә аӡқәа ирҭалеит
Ҭырқәтәыла Арра-амшынтә мчқәа рыҕба Қырҭтәыла атерриториатә аӡқәа ирҭалеит

Ҭырқәтәыла Арра-амшынтә мчқәа рыҕба TCG YILDIRIM F-243 Қырҭтәыла атерриториатә аӡқәа ирҭалеи.т

«Авизит хықәкыс иамоуп аконцепциеи  НАТО аоперативтә потенциали ахәшьара рыҭара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аҕбақәа  — «Очамчыреи»  «Диоскуриеи» аҩбатәи аҩаӡара (SEL-2)  ахахәшьара рзымҩаҧгара. Ари апроцесс мҩаҧысуеит Қырҭтәылеи НАТОи арра-амшынтә мчқәа рнапхгара ахаҭарнакцәа рҽалархәрала», — иануп аинформациаҿы.

Аҭырқәа аҕба Баҭымтәи абаҕәаза иҭыҵуеит хәажәкыра  10 рзы.