Ҭырқәтәыла ақырҭуа аиқәырхаҩцәа рротациа мҩаҧган, 112ҩык аиқәырхаҩцәа аиқәырхаратә усурақәа нарыгӡоит Хатаи апровинциаҿы
Ҭырқәтәыла ақырҭуа аиқәырхаҩцәа рротациа мҩаҧган, 112ҩык аиқәырхаҩцәа аиқәырхаратә усурақәа нарыгӡоит Хатаи апровинциаҿы

 Ҭырқәтәыла,   Адыиаман  ақалақьаҿ ақырҭуа аиқәырхаҩцәа рротациа мҩаҧган. Ари атәы ааицҳаит Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Гьаргь Џьанџьҕава.

Ацҳаражәҳәаҩ иҳәамҭала, ақырҭуа аиқәырхаҩцәа алокациа рыҧсахын,  аиқәырхаратә усурақәа нарыгӡоит Хатаи апровинциаҿы.

«Уажәы 112ҩык ақырҭуа аиқәырхаҩцәа,  аҧшаара-аиқәырхаратә операциа анагӡаразы  Хатаи апровинциашҟа идәықәлеит. Ақәҿиарақәеи ҧшӡала ахынҳәреи рзеиҕьаҳшьоит», — иҩит ацҳаражәҳәаҩ асоциалтә аҳаҿы.