Ҭырқәтәыла, акурорт Қемер ааигәара амцакра арцәара аусурақәа рхы аладырхәоит 600-ҩык амцарцәаҩҵәеи 22 аҵәиԥрыгақәеи
Ҭырқәтәыла, акурорт Қемер ааигәара амцакра арцәара аусурақәа рхы аладырхәоит 600-ҩык амцарцәаҩҵәеи 22 аҵәиԥрыгақәеи

Ҭырқәтәыла, акурорт Қемер ааигәара амцакра арцәара макьана рылыммгшеит, – аанацҳаит аинформациатә агентра “Анадолу”.

Акьыԥхь адыррақәа рыла, арелиеф цәгьа иахҟьаны, шьапыла аҭыԥ ахь анеира ҟалом. Убри аҟынтә амцарцәаҩҵәа аԥсабаратә рыцҳара аҭыԥ ахь ацәиԥрыгақәа рыла инеиуеит.

Анталиа агубернатор иҟаиҵаз аҳәамҭаҿ ишану ала, Кемер амца арцәара иаҿуп, аха макьана рылымшеит. Адырра инақәыршәаны, аусурақәа рхы аладырхәоит 600-ҩык амцарцәаҩҵәеи 22 аҵәиԥрыгақәеи.