Борџьомтәи амуниципалитет аҿы амцакра аҧыхратә усурақәа нагӡоит
Борџьомтәи амуниципалитет аҿы амцакра аҧыхратә усурақәа нагӡоит

Борџьомтәи амуниципалитет аҿы амцакра аҧыхратә усурақәа нагӡоит. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала ҭыԥқәак рҿы амца арцәара имариам усхеит.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, амца арцәра аоперациа аҵакыра хсекторны ишоуп, ахсекторк рҿы активтә алокализациатә, аликвидациатә усурақәа нагӡоит.

„Амцакрақәа рахь ицо амҩахәасҭақәа атехника ҷыдеи атракторқәеи рыла арыцқьара ҳаҿуп. Қырҭтәыла Аҧыза-министр  идҵала, Борџьоми амуниципалитетаҿ абылра аҧыхра амзызла, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Атәылахьчара аминистрреи, Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрреи, Аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистрреи иашьашәалоу амаҵзурақәа русзуҩцәа еиҧҟьарада амца арцәаратә усурақәа мҩаҧыргоит. Уажәазы амца арцәара апроцесс рхы аладырхәоит 1200-ҩык рҟынӡа.

Аҭыҧаҿ иҟоуп Адҵа ҷыдақәа рзы адепартамент 300-ҩык аусзуҩцәеи 300-ҩык абылрацәыхьчаҩцәа- аиқәырхаҩцәеи. Амцарцәаратә аоперациа еиҭах иалахәуп агьежьԥрыгақәа.

Аҭыԥ аҿы аус ауеит аоперативтә напхгараҭара аштаб, уи напгара азыруеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иосеб Ҷелиӡеи   Аҭагылазаашьа ҷыдаа рмаҵзура аиҳабы Ҭемур Мӷебришвилии”, – иагнуп аинформациа аҿы.