Ҭырқәтәыла адгьылҵысрақәа раан иҭахаз рхыԥхьаӡара 3381-ҩык иреиҳауп
Ҭырқәтәыла адгьылҵысрақәа раан иҭахаз рхыԥхьаӡара 3381-ҩык иреиҳауп

Ҭырқәтәыла адгьылҵысрақәа раан иҭахаз рхыԥхьаӡара 3381-ҩык иреиҳауп, ахәрақәа роуит  20 426 -ҩык иреиҳаны. Аԥсабаратә рыцҳараан ахәрақәа заузи иҭахази ирызку ирҿыцу аинформациа аладырҵәоит ҭырқәтәылатәи аихқәа Ҭырқәтәыла аҭагылазаашьа ҷыдақәа рагентра аҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

7.7 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра ақалақь Қаҳраманмараш аҟны ҟалеит. Аҵысрақәа ирныруан Ҭырқәтәыла жәа провинциак рҿы: Газианҭеԥи, Диарбақири, Адане, Санлиурфеи, Ҳаҭаи, Малаҭиеи, Қилиси. Аҩбатәи, 7.6 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра аҭыԥантәи аамҭала асааҭ 13:24 рзы ҟалеит. Аԥсабаратә рыцҳара амшала еилаҳаит 5 600 иреиҳаны ахыбрақәа.Аиқәырхаҩцәа 7 800-ҩы́к реиқәырхара рылшеит.