Ҭырқәтәыла адгьылҵысрақәа раан иҭахаз рхыԥхьаӡара 2920-ҩык иреиҳауп
Ҭырқәтәыла адгьылҵысрақәа раан иҭахаз рхыԥхьаӡара 2920-ҩык иреиҳауп

Ҭырқәтәыла адгьылҵысрақәа раан иҭахаз рхыԥхьаӡара 2920-ҩык иреиҳауп, ахәрақәа роуит 15800-ҩык иреиҳаны. Аԥсабаратә рыцҳараан ахәрақәа заузи иҭахази ирызку ирҿыцу аинформациа аладырҵәоит ҭырқәтәылатәи аихқәа Ҭырқәтәыла аҭагылазаашьа ҷыдақәа рагентра аҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

Жәабран 6 рзы 7.7 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра ақалақь Қаҳраманмараш аҟны ҟалеит. Аҵысрақәа ирныруан Ҭырқәтәыла жәа провинциак рҿы: Газианҭеԥи, Диарбақири, Адане, Санлиурфеи, Ҳаҭаи, Малаҭиеи, Қилиси. Аҩбатәи, 7.6 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра аҭыԥантәи аамҭала асааҭ 13:24 рзы ҟалеит.

Ҭырқәтәыла вице-ахада Фуаҭ Оқтаи иҟаиҵаз аҳәамҭа, атәылаҿ 243 ҵысра ҟалеит, црҭ реиҳарак 7 амагнитуда амч рыман. Аԥсабаратә рыцҳара амшала еилаҳаит 6200 иреиҳаны ахыбрақәа.

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп ТАип Ердоӷан 1939 шықәсазы Ерзиманџьи иҟалаз адгьылҵысра ашьҭахь, ари зегь реиҳа идуӡӡоу рыцҳароуп.

Ҭырқәтәыла бжьымштәи алахьеиқәҵаратә мшқәа рыларҳәеит.