Ҭырқәтәыла  7,5 амагнитуда амч змаз аҩынтәтәи адгьылҵысра ҟалеит
Ҭырқәтәыла  7,5 амагнитуда амч змаз аҩынтәтәи адгьылҵысра ҟалеит

Ҭырқәтәыла  алада-мрагыларатә ахәҭаҷы 7,5 амагнитуда амч змаз аҩынтәтәи адгьылҵысра ҟалеит. ВВС адыррақәа рыла, адгьылҵысра аепицентр ақалақь  Кахраманмараш иазааигәоуп.

Ҭырқәтәыла иҟалаз абгаратә адгьылҵысра ашьҭахь  100 афтершокқәа ҟалеит. Урҭ рҟынтә  8 рымч 7 магнитудак иреиҳан.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Ҭырқәтәылеи Сириеи адгьылҵысра иалаӡит 1200ҩык иреиҳаны.

Аофициалтә информациала, Ҭырқәтәыла адгьылҵысраан Қырҭтәыла атәылауаҩк дҭахеит.