Ҭырқәтәыла 5.3 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра ҟалеит
Ҭырқәтәыла 5.3 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра ҟалеит

Ҭырқәтәыла 5.3 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра ҟалеит. Ари атәы арыцҳаит ҭырқәтәылатәи аихқәа.

Аихқәа рдыррақәа рыла, адгьылҵысра аепицентр Ниӷде апровинциаҿ иҟан. Адгьылҵысра аԥсыҭбарқәа ацымызт.

Жәабран 6 рзы иҟалаз адгьылҵысраан Ҭырқәҭәылеи Шьамтәылеи 50000-ҩык иреиҳаны ҭахеит. Аҵыхәтәантәи дыррақәа рыла, Ҭырқәтәыла иҭахеит 44218-ҩык, Шьамтәыла – 5914-ҩык.