Ҭинатин Берӡенишвили  - Адырраҭара Ниусрумаҿ хымҧада аконструктивтә журналистика иҟазароуп, ауаажәларра апрактикаҿы лабҿаба ирбоит аполиаризациатә дунеиаҿ зда ҧсыхәа иҟам аӡбара аҧшаара апроцесс шымҩаҧысуа
Ҭинатин Берӡенишвили  - Адырраҭара Ниусрумаҿ хымҧада аконструктивтә журналистика иҟазароуп, ауаажәларра апрактикаҿы лабҿаба ирбоит аполиаризациатә дунеиаҿ зда ҧсыхәа иҟам аӡбара аҧшаара апроцесс шымҩаҧысуа

«Адырраҭара Ниусрумаҿ хымҧада аконструктивтә журналистика иҟазароуп, ауаажәларра апрактикаҿы лабҿаба ирбоит аполиаризациатә дунеиаҿ зда ҧсыхәа иҟам аӡбара аҧшаара апроцесс шымҩаҧысуа», — илҳәеит Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинатин Берӡенишвили.

Ҭинатин Берӡенишвили ишазгәалҭаз ала,  Аконструктивтә журналистика ашьаҭаркҩы, еицырдыруа ашәҟәы  «Аконструктивтә  журналистика»  автор  Қырҭтәыла Актәи аканал ааҧхьарала Қарҭ иҭаара деигәырҕьеит.

«Шықәсқәак ҵуеит ҳара аконструктивтә журналистика ҳалацәажәоижьҭеи.  Ульрик Хаагеруп иаара сеигәырҕьеит, ҳтәылазы уи иаҵанакәа рацәоуп. Аконструктивтә журналистика иааанагои  — иахьа ажурналистцәа ҳарҧылоит, уаҵәы ари аиндустриа ахаҭарнакцәа рзы аконференциа мҩаҧаагоит.

Зегьы апрогресс рҭахуп, аха, аиҭакрақәа зҭаху дыҟам  — ари афраза ишәҟәы иануп, ҳара аиҭакрақәа ҳҭахуп, уи азыҳәан азыҳәамҭа ҟаҳҵахьеит. 11ҩык ҳжурналистцәа Аконструктивтә журналистика аинститутаҿ аҵаратә курс иахысхьеит, даҽа фҩык аҵаразы Даниаҟа идәықәлоит.  Адырраҭара Ниусрумаҿ хымҧада аконструктивтә журналистика иҟазароуп, ауаажәларра апрактикаҿы лабҿаба ирбоит аполиаризациатә дунеиаҿгьы ҳтәылаҿгьы  зда ҧсыхәа иҟам аӡбара аҧшаара апроцесс шымҩаҧысуа», — илҳәеит Ҭинатин Берӡенишвили.