Қырҭтәыла Актәи аканал, Аџьар Ҟаҧшь ацхыраарала, аукраин жәлари Украина Ауаажәларратә дырраҭареи рыдгыларазы имҩаҧнагоит агәыҳалалратә марафон — «Ҳара Украиназы».
Европа адырраараа реидгыла зеиԥшҟамлац ала иакуп – ари ауаажәларратә дырраҭарақәа реидгылара ауп Европа зегь аҿы, амарафон Варшава алагеит, иахьа Қарҭ мҩаԥысуеит, уаҵәы – Прага, уи ашьҭахь Таллини Бухарести, Европа ақалақь дуқәа рҿы амарафонқәа зегьы мҩаԥгахоит, хақәкыс иҳамоуп украинтәи ажәлар рыцхыраара.
Амарафон иадҳәаланы аҳәамҭа ҟалҵеит Қырҭҭәыла ауаажәларратә дырраҭара адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили.
“Украина, Актәи аканал, Қырҭтәыла шәадгылоит, иахьа, ахаан ишыамыз еиш, украинатәи ажәлар ацхыраара рыҭатәуп, иахьа адунеи акзаара аанарԥшуеит.
Ҳара аепохалтә хҭысқәа шымҩаԥысуа иаабоит, ари ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы ихадароу мшқәоуп.
Иахьатәи ишиашоу ҳефир аҿы Украина адгыларазы агәыҳалалратә марафон мҩаԥысуеит.
Амарафон Варшава алаган, европатәи ақалақь дуқәа нагӡоит,», — илҳәеит аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили.