Ҭинаҭин Берӡенишвили – Ауаажәларратә дырраҭара афинанстә аудит аихшьаалаҿы азгәаҭарақәа иҟам, уи ҳаиҿкааразы  аихьӡара дууп ҳәа исыҧхьаӡоит
Ҭинаҭин Берӡенишвили – Ауаажәларратә дырраҭара афинанстә аудит аихшьаалаҿы азгәаҭарақәа иҟам, уи ҳаиҿкааразы  аихьӡара дууп ҳәа исыҧхьаӡоит

«Ауаажәларратә дырраҭара афинанстә аудит аихшьаалаҿы азгәаҭарақәа иҟам, уи ҳаиҿкааразы аихьӡара дууп ҳәа исыҧхьаӡоит», — илҳәеит Ауаажәларратә дырраҭара агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили.

«Аҳасабырбареи аартызаареи Ауаажәларратә дырраҭаразы аҵакы ду амоуп, жәларбжьаратәи аудиттә еилахәыра имҩаҧнагаз агәаҭара аихшьаалаҿы азгәаҭарақәа иҟам, уи ҳаиҿкааразы аихьӡара дууп ҳәа исыҧхьаӡоит.  2021 шықәсатәи аудит  —  иҵоуроу ахәшьареи иааркьаҿны ҳусура алацәажәареи ауп. Аудиттә аҳасабырба апарламент ашҟа идәықәҵоуп, уи ҳсаит аҿгьы ижәбар шәылшоит», — илҳәеит Ҭинаҭин Берӡенишвили.

Жәларбжьаратәи аудиттә еилахәыра   2021 шықәсазы Ауаажәларратә дырраҭара афинанстә аҳасабырба аихшьаалазы аусура хыркәнашеит. Адокумент иҵоуроу ахәшьара аиуит, уи аҿы азгәаҭарақәа иҟам.