Ҭенгиз Церцваӡе – Аекспертцәа зегьы, рполитикатә хәаҧшырақәа ирхьыҧшымкәа, еидгыланы, ауааҧсыра агәра ддыргароуп авакцина шыҟаҵатәу
Қырҭтәыла Аинфекциатә чымазарақәа рцентр анапхгаҩы Ҭенгиз Церцваӡе NDI аҭҵаарақәа дрыхцәажәеит. Аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, атәыла ауааҧсыра 41% акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵара аҟаҵара иақәшаҳаҭуп, аха 41% авакцинациа мап ацәыркуеит.
Ҭенгиз Церцваӡе игәаанагарала, ауааҧсыра агәра ддыргатәуп авакцина хымҧада ишыҟаҵатәу.
«Авакцина аҟаҵара зҭахым ауаа рскептицизм еилыскаауеит. Ҳара, аиҿагылара ҳаҟәыҵроуп. Аекспертцәа зегьы, рполитикатә хәаҧшырақәа ирхьыҧшымкәа, еидгыланы, ауааҧсыра агәра ддыргароуп авакцина шыҟаҵатәу. 60-65% ауааҧсыра хықәкылатәи агәыҧқәа ирыҵанакуеит. 60-65% ауааҧсыра авакцина ҟарҵар, атәылаҿы аиммунитет змоу ауаажәларрахәҭа ҳамазаауеит, насгьы, урҭ ирыцлоит акоронавирус зхызгахьоу, аҧсабаратәла аиммунитет змоу ауааҧсырагьы. Убри ҳзыҟаҵар, атәылаҿы апандемиа анеҩстәи ацәқәырҧақәа ҳауӡом, атәылаҿы аепидемиа ҟалом. Авакцина ҟазымҵо, аиммунитет змам егьырҭ 20% ауааҧсыра ичмазаҩхаргьы, уи атәыла аекономиказы анырра амазаауам, избанзар агәабзиарахьчара асектор уадаҩрада урҭ рхылаҧшра алшоит», — иҳәеит Церцваӡе.