Ҭеа Зақараӡе – Аҧыза-министри ҳареи аниуансқәа зегьы ҳрылацәажәеит, апроблемақәа зегьы ааҳарҧшит, аиҳабыра арҭ ашьаҿақәа аус рыдырулоит, атәылаҿы абинес иаҧырхагахаша ак ҟамларцаз
Ҭеа Зақараӡе – Аҧыза-министри ҳареи аниуансқәа зегьы ҳрылацәажәеит, апроблемақәа зегьы ааҳарҧшит, аиҳабыра арҭ ашьаҿақәа аус рыдырулоит, атәылаҿы абинес иаҧырхагахаша ак ҟамларцаз

«Аҧыза-министри ҳареи аниуансқәа зегьы ҳрылацәажәеит, аиаша шәасҳәап, ари аиҧылара аинтерес ду аҵан, иахьазы атәылаҿы иҟоу апроблемақәа зегьы ааҳарҧшит», — илҳәеит Қарҭтәии Баҭымтәии жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазақәа анапхгара рзызуа аилахәыра TAV Georgia  аменеџьер хада Ҭеа Зақараӡе Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе даниҧыла ашьҭахь.

Зақараӡе лҳәамҭала, аҧыза-министр иҟынтә аконкреттә аҭакқәа лоуит.

«Аҧыза-министр азҵаарақәа зегьы инарҭбааны дрылацәажәеит. Аиҧыларанӡа сара алхрақәа реиҭамҩаҧгара салацәажәомызт, шәаргьы ишәасҳәеит иахьа абизнес иаҧырхагоу, ҳтәылаҿы имҩаҧысуа ахҭысқәа аанкылатәуп ҳәа. Аиҳабыра абарҭ ашьаҿақәа аус рыдырулоит», — илҳәеит Ҭеа Зақараӡе.

Иракли Кобахиӡе диҧылаанӡа Ҭеа  Зақараӡе ажурналистцәа иралҳәеит: «Сара аполитика сызҽалазгалом. Атәылеи, абизнеси, авиациеи рҿиаразы аҭынчреи аҭышәынтәалареи ауп иаҭаху,  уи аиқәыршәара ҟалоит аҿыц алхрақәа рыла, аҳәынҭқарра ари ашьаҿа ҟанаҵароуп».