Ҭеа Ҵулукиани  - Рашәара  26 рзы Самеба аныхабаа ахор Сикстинтәи акапеллаҿы аконцерт мҩаҧыргоит, рашәара  29 рзы, Римтәи Папа аныҳәатә месса анымҩаҧигалак, Илиа аҩбатәи иҧҵамҭа  "Аве Мариа" нарыгӡоит, ари ахҭыс ҳтәыла аҭоурых аҿы раҧхьӡа акәны имҩаҧысуеит  

 «Рашәара  26 рзы Самеба аныхабаа ахор Сикстинтәи акапеллаҿы аконцерт мҩаҧыргоит, уаҟа атәымуаа, шамахамзар, аконцертқәа мҩаҧыргом», — илҳәеит Ҭеа Ҵулукиани ателеканал «Имеди» аефир аҿы.

Акультура аминистр ишылҳәаз ала, Қырҭтәыла Апатриарх Илиа аҩбатәи кыршықәса рыҩныҵҟа  уи игәы иҭан.

Цулукиани лажәақәа рыла, Свимон Џьангулашвили анапхгара ззиуа ахор Қырҭтәыла  Апатриарх иҧҵамҭақәа  – «Аве Мариеи»  «Шен хар венахии»  нарыгӡоит.

40ҩык ақырҭуа хористцәа асас дахьқәа рҿаҧхьа иқәгылоит  –  Ацҳаражәҳәаҩцәа Пиотри Павли рымш инамаданы Сикстинтәи акапеллаҿы  имҩаҧгахо аныҳәатә мессаҿы иҟазаауеит имачымкәа аҳәаанырцәтәи аделгациақәа. Папа Францис имҩаҧиго амесса ишиашо аефир аҿы иддырбоит акатоликатә медиахархәагақәа зегьы.