Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи рызҵаарақәа рзы аҳәынҭминистр Ҭеа Ахвледиани Қырҭтәыла иҟоу Австриа ацҳаражәҳәаҩ Томас Миулман диԥылеит. Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи рызҵаарақәа рзы аҳәынҭминистр лаппарат аинформациа ала, аусуратә казшьа змаз аиԥылара австриатәи адиплолмат иԥшьгарала мҩаԥган.
“Аҳәынҭминистр аимак ҭынч мҩала аҭыԥқәҵареи аибашьра аихҟьаны еиҟәыҭхоу ауаажәларра реинаалара апроцесси рҿы Австриа ароль дахцәажәеит.
Аганқәа ирыхәаԥшит аинаалареи аҽалархәреи рполитика аҳәаақәа ирҭагӡаны австриатә аган аусеицура азҵаарақәеи, наҟ-наҟтәи апланқәеи аԥшьгарақәеи. Иазгәаҭан аҭынчратә политика амҩаԥгараҿ жәларбжьаратәи апартниорцәа рҽалархәра аҵак ду.
Австриа ацҳаражәҳәаҩ даҽазнык шьақәирӷәӷәеит Австриа Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи шрыдгыло“, – иануп аинформациа аҿы.