Ҭеа Ахвледиани Аахыҵ Уаҧстәыла администрациа анапхгаҩ ҿыц диԥылеит
Ҭеа Ахвледиани Аахыҵ Уаҧстәыла администрациа анапхгаҩ ҿыц диԥылеит

Қырҭтәылa Аинaaлaреи aтәылaуaҩрaтә aиҟaрaреи рызҵaaрaқәa рзы
aҳәынҭқaррaтә министр Ҭеа Ахвледиани Аахыҵ Уаҧстәыла администрациа анапхгаҩ ҿыц Ҭамаз Бестаев диԥылеит.

Аиԥылараҿ импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион аҟны  агуманитартәи ауаҩытәыҩа изинқәеи рганахьала иҟоу аҭагылазаашьа цәгьа иаахцәажәеит.

Ҭамаз Бестаев ари аҭыҧ ааникылеит Дмитри Санакоев ицынхәрас. Санакоев уажәааны инапынҵақәа шьҭеиҵеит. Бестаев аҵыхәтәантәи 15 шықәса рыҩныҵҟа Аахыҵ Уаҧстәыла администрациаҿы агәабзиарахьчареи асоциалтә аиқәыршәареи амаҵзура дахагылан.

Қырҭтәылa Аинaaлaреи aтәылaуaҩрaтә aиҟaрaреи рызҵaaрaқәa рзы
aҳәынҭқaррaтә министр Аахыҵ Уаҧстәыла администрациа анапхгаҩы ҿыц наҟ-наҟ иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьалшьеит.