Ҭеа Ахвледиани амедицинатә маҵзура аиуразы Қәҭешь  импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә иаҭааз ауааԥсыра рзы аамҭалатәи анхарҭа қәыԥшылара лбеит
Ҭеа Ахвледиани амедицинатә маҵзура аиуразы Қәҭешь  импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә иаҭааз ауааԥсыра рзы аамҭалатәи анхарҭа қәыԥшылара лбеит

Қырҭтәылa Аинaaлaреи aтәылaуaҩрaтә aиҟaрaреи рызҵaaрaқәa рзы aҳәынҭқaррaтә министр Ҭеа Ахвледиани амедицинатә маҵзура аиуразы Қәҭешь  импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә иаҭааз ауааԥсыра рзы аамҭалатәи анхарҭа қәыԥшылара лбеит.

Аимак амзызла аԥхасҭа зауз ауааԥсыра рыхылаԥшреи рсоциалтә-економикатә ҭагылазаашьа аиӷьтәреи Қырҭтәыла анаԥхгара априоритетқәа иреиуп.

Аԥсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо амедицинатә маҵзура зҭаху ауааԥсыра  рыцхыраареи, ачымазцәа хәыда-ԥсада рыхәшәтәреи рыдгыларазы Қырҭтәылa Аинaaлaреи aтәылaуaҩрaтә aиҟaрaреи рызҵaaрaқәa рзы aҳәынҭқaррaтә министр иаппарат аиҿкаара “Аҭынчратә аустә Кавказ” Қәҭешь иҟоу ахыбра аамҭала анаҭеит.