„Ҭбилисоба“ цәыббра  20-21 рзы имҩаҧысуеит
„Ҭбилисоба“ цәыббра  20-21 рзы имҩаҧысуеит

Жәлар рныҳәа „Ҭбилисоба“ цәыббра  20-21 рзы имҩаҧысуеит, – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе амуниципалтә еиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Иара иҳәамҭала, еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа инарываргыланы, цәыббра  20 рзы ҳаҭыр зқәу қарҭаа анашьамҭақәа рыҭара ацеремониа мҩаҧгахоит, цәыббра 21 рзы аныҳатә концерт мҩаҧысуеит.

„Сынтәа жьҭаара 4 рзы ахаланапхгаратә алхрақәа мҩаҧысуеит, убри аҟынтә,  „Ҭбилисоба“ мҩаҧгахоит цәыббра  20-21 рзы. Ҩымш ирылагӡаны асасцәа рзы еиуеиҧшым апрограммақәа мҩаҧысуеит. Цәыббра 21 рзы, асааҭ 20:00  рзы Европа ашҭаҿ аныҳатә концерт мҩаҧысуеит“, – иҳәеит Каха Калаӡе.