«Ҭбилиси Праид» амчыбжь раҧхьатәи ауснагӡатә ашьҭахь аполициеи  "Праид" аҿагылаҩцәеи рыбжьара аиҿагылара еиҭаҟалеит
«Ҭбилиси Праид» амчыбжь раҧхьатәи ауснагӡатә ашьҭахь аполициеи  "Праид" аҿагылаҩцәеи рыбжьара аиҿагылара еиҭаҟалеит

«Ҭбилиси Праид» амчыбжь раҧхьатәи ауснагӡатә ашьҭахь аполициеи  “Праид” аҿагылаҩцәеи рыбжьара аиҿагылара еиҭаҟалеит.

Раҧхьатәи ауснагӡатә минуҭқәак раҧхьа ихыркәшан.

«Ҭбилиси Праид» аиҿкааҩцәеи ауснагӡатә алахәылацәеи еилыҵуеит.  Аультрамилаҭтә гәыҧқәа акәтаҕьқәа ргәыдҵара нарыгӡоит.

Адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа макьана ахыбраҿы иҟоуп.

Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, аиҿагылара аан 12ҩык аанкылоуп.