«Қырҭтәылатәи авиацәаҳәақәа» адиректор Ҭамаз Гаиашвили ишиҳәаз ала, Украина ахада иӡбара шьеимшьеит.
«Украина ахада иахьа идикылаз аӡбара шьасшьом. Сара даҽакоуп уамашәа избо, Қырҭтәыла аоппозициатә гәыҧқәа абри аӡбара иахьеигәырҕьаз џьасшьоит. Дара ақырҭуа авиаеилахәырақәа аҳәаанырцәынтә рықәмақарра иақәгәырҕьоит, абри ауп уамашәа иубаша. Рыцҳарас иҟалаз, амчра азықәҧара апроцесс арадикалтә ҟазшьа аиуит. Дара уажәтәи аиҳабыра рыхҳәареи амчра агареи азыҳәан иахәҭоугьы иахәҭамгьы зегьы ҟарҵоит. Дара Украина ахадагьы ижьара рылшеит. Адунеиаҿ иарбанызаалак авиаеилахәыра аҧыррақәа ралагара ма раҟәыҵразы азин аҭаразы акомпетенциа амам, уи зегьы ибзиаҵәҟьаны ирдыруеит. Ари азҵаара ҳәаақәҵоуп ҩ-тәылак реиҳабырақәа ирыбжьарҵо аиқәшаҳаҭра ала. Ҳара, егьырҭ авиаеилахәырақәа реиҧшҵәгьа, Қырҭтәыла аиҳабыра ирыдыркылаз аӡбара ҳақәныҟәароуп. Ҭырқәтәылеи, араҧтәи аҳәынҭқаррақәеи, Израили, Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани уҳәа, атәылақәа рацәа равиаеилахәырақәа Урыстәылаҟа ареисқәа нарыгӡоит. Аха, дара асанкциақәа рзышьақәдыргылом. Сара соума, «Џьорџьиа Еирвеиз» аума, изакәызаалак ак ала аполитика ҳадҳәалам. Ҳара ҩажәеижәаба шықәса рыҩныҵҟа намысла Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлар рымаҵ аауеит. Украина ахада ииашамкәа ари аӡбара идикылеит, Қырҭтәыла аиҳабыра иахәҭоу аҭак ҟарҵап ҳәа сгәыҕуеит» , — иануп Ҭамаз Гаиашвили иҳәамҭаҿы.
Иацы Владимир Зеленски 190ҩык афизикатә хаҿқәеи 290 аилахәырақәеи асанкциақәа рзышьақәиргылеит, урҭ иреиуп «Қырҭтәылатәи авиацәаҳәақәеи» Ҭамаз Гаиашвилии.