Ҭамар Габуниа лажәақәа рыла, алаҵа аҟаҵаразы иаԥҵаз асаит аганахьала аҭыԥ аман зымҽхак ҭбаау акибержәылара
Ҭамар Габуниа лажәақәа рыла, алаҵа аҟаҵаразы иаԥҵаз асаит аганахьала аҭыԥ аман зымҽхак ҭбаау акибержәылара

Агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыуԥуаҩ Ҭамар Габуниа лажәақәа рыла, алаҵа аҟаҵаразы иаԥҵаз асаит аганахьала аҭыԥ аман зымҽхак ҭбаау акибержәылара.

Габуниа ишаалыцҳаз ала, атехникатә гәыԥ аусура иаҿуп, хара имгакәа апортал аусура еиҭалагароуп.

“Иҳамоу адыррақәа рыла, алаҵа аҟаҵаразы иаԥҵаз асаит аганахьала аҭыԥ аман зымҽхак ҭбаау акибержәылара. Атехникатә гәыԥ аусура иаҿуп, хара имгакәа апортал аусура еиҭалагароуп. Ауааԥсыра иаразнакҵәҟьа алаҵа аҟа́ҵаразы аҭаҩра рылшоит,” – илҳәеи Габуниа.

Алаҵа аҟаҵаразы иаԥҵаз асаит аус ауӡом. Авебсаит аҿы иануп “Имҩаԥысуеит атехникатә арҿыцра” ҳәа.

Агәабзиарахьчара аминистрра аԥнаҵаз асаит booking.moh.gov.ge аҿы ханатә арегистрациа иалагаран иҟан авакцина Sinopharm алаҵаҟаҵаразы, аха атәылауаа арегистрациа алшара рымам.

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр аҟынтә ишаарыцҳаз ала, аҳәамҭа ԥыҭраамҭак ашьҭахь ҟарҵоит. Иара убас, аиҳабыра иаԥырҵаз авебдаҟьа stopcov.ge  есымшатәи асататистика макьана ирҿыцым.