Ҭамар Габуниа – Арбагақәа ишаҳнарбо ала, "омикрон" аларҵәара ашыкьымҭа ҳахысит, аҭышәынтәала афаза ҳҭагылоуп
Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниа ишылҳәаз ала, атәылаҿы «омикрона» аларҵәара ашыкьымҭа ииасит, амза анҵәамҭанӡа аинфицирра афактқәа рхыҧхьаӡара маҷхоит.
«Арбагақәа ишаҳнарбо ала, “омикрон” аларҵәара ашыкьымҭа ҳахысит, аҭышәынтәала афаза ҳҭагылоуп . Жәабран анҵәамҭазы агоспитальтә сектор азы ақәыҕәҕәара еиҵхоит», — илҳәеит Габуниа.
Лара лажәақәа рыла, Қырҭтәыла аҽыҧхьакра аҿҳәара армаҷра иазку апротокол рхы иадырхәоит.
«Ауаҩы асимптомқәа имамзароуп, асимптомқәа имазар, авирус аларҵәара илшоит. Аҽыҧхьакра аҿҳәара бжьымш аҟынӡа еиҵхеит, аха уи ашьҭахьгьы, ауаҩы хәымш асабрада иҿаазароуп», — илҳәеит Габуниа.